11.05.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ААР Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аппарат ахәҭа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рықалақьтә усбарҭақәеи рраионтә ҟәшақәеи хаҭалатәи реилазаара ацәаҳәақәгыла ахәаԥшра далахәын.
49 цыра автотранспорт, хаҭалатәи аилазаара рзы аформа ҿыци атехникатә мыругеи рзы Ахада адырра ииҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.
Аҳәынҭқарра Ахада ацәаҳәқәгыла данахәаԥш ашьҭахь ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит атехника ҿыц аиура шалыршахаз аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра апунктқәа руакы анагӡара иабзоураны.
«Абас мҽхакы ҭбаала аматериалтә цхыраара уанӡа иҟаӡамызт, атехника ҿыц аҭахуп ААР аусзуҩцәа қәнагала роперативтә-маҵзуратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡаларц азы. Ари ҳара ҳаиқәшаҳаҭра, еицынаҳагӡо аҿиара апрограмма инақәыршәаны имҩаԥысуеит.
УА иҟанаҵо ацхыраарала аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа руалафахәы ҵыԥх аахыс 75% ишьҭыхын. Ҳгәыӷуеит аҳәынҭқарра аганахьала аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ирыҭоу абри еиԥш ацхыраара аусура ахаҭабзиара аиӷьтәра алнаршоит ҳәа. Ас еиԥш ацхыраара аҭахын, аԥхьаҟагьы аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа ацхыраара рыҭалатәуп, аха аицхыраара ҟалароуп наҟ-ааҟгьы.
Аҳәынҭқарра адгылара ҟанаҵоит, аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит – аусура ахаҭабзиара есааира еиӷьхоит», – иҳәеит инаҵшьны Бжьаниа.