10.05.2021
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада амҽышаҽны, лаҵарамза 10 рзы Тамшь ақыҭаҟны зыргылара мҩаԥысуа атуристтə комплекс ду даҭааит.
Ахыбра шьақəыргыланы ахархəарахь ирыҭахоит ҳазҭоу ашықəс рашəарамзазы.
Ҳазҭагылоу аамҭазы аргылратə усурақəа рхыркəшарахь инеиуеит.
Аҳəынҭқарра Ахада хаҭала аусурақəа рцашьа дахылаԥшуеит.
Ари ахыбра, Ахада иажəақəа рыла, ареспублика мрагыларатəи аган зегьы азы аҵак ду аманы иҟалоит.
“Ари араион аҟны туристтə комплекс дук ыҟаӡам. Ахархəарахь ишрыҭахаз еиҧш, араҟа аҧсҭазаара аилашра иалагоит, аусурҭатə ҭыҧқəа ҟалоит, ашкол аҟны аҵаҩцəа рацəаҩхоит, аҭыҧантəи ауаа аҧара арҳаразы аҭагылазаашьа роуеит. Ари уамеигəырҕьарц залшом”,- иҳəеит Ахада.
Ахыбра аргылара нап аркын 2020 шықəсазы жьҭаарамза анҵəамҭазы, уи аинвестициа азоунажьит урыстəылатəи атуристтə еилахәыра “Библио-Глобус”.
Ара аус руеит шьҭа 170-ҩык, 150-ҩык урҭ рахьтə аҭыҧантəи ауаа роуп. Зегьы иреиҵоу ауалафахəы иартəоит 25 нызқь мааҭ.
Аҳəынҭқарра Ахада дрыхəаҧшит 600 ҭыҧ змоу идыргылахьоу акоттеџьқəа. Акомплекс аргылара ҩ-хəҭакны ишоуп. Аҩбатəи ахəҭа иазҧхьагəанаҭоит иацҵаны даҽа 400-ҩык рҭыҧ змоу акоттеџьқəаа рыргылара.
Асасааирҭатə комплекс ҿыц «Тamish Village» аҟны иҟалоит асупермаркет , аҧҭека, ихьчахо амашьынаргыларҭа, ирҧхахо аӡҭарчы, еиҿкаау аҧшаҳəа, ахəыҷтəы хəмарырҭа, аресторан.