09.05.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лаҵарамза 9 рзы, Аиааира ду 76 шықәса ахыҵра амш аҽны Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын.
Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иара убас иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Б. Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиа Ареспублика ахаҭарнакра ахада Гарри Кәупалба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҟәа ақ. Администрациа ахада Беслан Ешба, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, аруаа.