Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Борис Қәҭарба Аиааира ду 76 шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит

Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Борис Қәҭарба Аиааира ду 76  шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лаҵарамза 9 рзы, ашьжьымҭан Аиааира ду 76  шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Борис Қәҭарба, аԥаратә ҳамҭагьы ииҭеит.

Аслан Бжьаниа уи иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аиааира аагараҟны илагаламҭазы.  «Агәабзиара, агәамч, ажәра шкәакәа шәзеиӷьасшьоит. Аиааира Амш азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит»,- иҳәеит Ахада.

Аиԥылараан аҳәынҭқарра Ахада аветеран игәабзиара, иҭагылазаашьа, итәанчахәы уҳәа дрызҵааит.  

Борис Қәҭарба Ахада ишҟа аҳәара ҟаиҵеит иҩны ахыб аҟаҵараҟны ацхыраара ииҭаразы. Аслан Бжьаниа ари аҳәара шынаигӡо азы ажәа ииҭеит.  
Борис Кәҭарба иҭаацәа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵаз азҿлымҳаразы.  

Борис Қәҭарба Аҟәа ақ. аҟны дынхоит, 95 шықәса ихыҵуеит. Ианашьоуп «Кавказ ахьчаразы», «Германиа аиааиразы» амедалқәа. Жәеизаҩык ахшара имоуп: амоҭацәа 23-ҩык, амоҭацәа рыхшара 18-ҩык.


Возврат к списку