07.05.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иԥа,
Алада Уаԥстәыла ажәлар ирыдысныҳәалоит Аиааира Амш!
Ари аныҳәамш аҽны ҳара зегьы ҳрызгәдууп адунеи афашизм иацәыхьчаны аиааира агара зылшаз аиҳабыратә абиԥарақәа. Иаадыруеит Аиааира агара иахҭынҵоу ахә ашьара шыуадаҩу, ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит ахақәиҭразы ақәԥаразы игылаз рфырхаҵара, ргәымшәара. Ари амш аиааира згаз жәларык раҳасабала ҳԥеиԥш еиҭа азхәыцразы алшара ҳнаҭоит. Агәра згоит Аџьынџьтәылатә еибашьра агәалашәара лаша аԥхьаҟагьы Аԥсни Аладатәи Уаԥстәылеи ажәларқәа ракра арӷәӷәара ишацхраало.
Лаҵарамза 9 аныҳәамш аҽны гәык-ԥсыкала иаҳҭахны иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәа рымҵан ҳхырхәоит, ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҳҵоит. Агәра згоит арҭ атрадициақәа ишрыцырҵо ҳаԥхьаҟа игыло абиԥара ҿыцқәагьы. Аӡәгьы азин иаҳҭараны ҳаҟаӡам ҳҭоурых аиҭакра, Аԥсадгьыл азы зхы иамеигӡаз акыр иаҳзаԥсоу ҳветеранцәа рус еицакра ақәӡамкәа ԥхьаҟа ишнаҳгало.
Аиааира Амш рыдысныҳәалар сҭахуп аладауаԥстәылатәи аветеранцәа, ирзеиӷьасшьоит ақәранҵыра ду, анасыԥ».