Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла Ахада Мшаԥныҳәа идиныҳәалеит



Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла ахада Мшаԥныҳәа идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа!

Шәара аԥхьа шәнаргыланы, напхгара зышәҭо Алада Уаҧстәыла ҳаиашьаратә жәларгьы ишәыдысныҳәалоит Иҧшьоу Амшаҧ ныҳәа!

Иахьатәи аныҳәамш аҽны ишәырхиаз аишәа еиднакылааит ишәызгәакьоу ауаа, иҧшӡоу ақьабзтәқәа  агәҭакы лашақәеи аус бзиақәеи  рынагӡаразы алшарақәа шәырҭааит.

   Аладатәи Уаҧстәыла иқәынхо аҭаацәарақәа зегьы ирыгымзааит Анцәа илԥха, аҭынчра, аизҳазыӷьара!

Ҽаанбзиала шәнеиааит! Иаса Қьырса Дгылеит!

Ҳаҭырла,
Аслан Бжьаниа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада!»


Возврат к списку