Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада УА Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ С. Назаров напхгара ззиуаз аделегациа идикылеит

15.04.2021

  
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Федерациа Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ С. Назаров напхгара ззиуаз аделегациа идикылеит.

Имҩаԥысит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Ахада иабжьгаҩ Сергеи Валенков, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган,  Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә маҵзура ахантәаҩы Оҭар Хьециа злахәыз инарҭбааны аилатәара.

Урыстәылатәи аделегациа аԥсшәа раҳәо, Ахада иазгәеиҭеит аԥснытәии урыстәылатәии аекономикатә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура қәҿиарала ишацҵахо атәы.  

Аилатәараҟны ирылацәажәан 2020-2022 шш. Аԥсны Асоциалтә-економикатә ҿиара аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара шымҩаԥысуа атәы.  

Аилацәажәара алагамҭазы Ахада ишьҭихит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа аҳәаа рахысра аԥҟарақәа рыԥсахра иазкыз Урысхархәарахылаԥшра ақәҵара азҵаара.  
  
«Ари инамаданы Аԥсны зҵаара рацәа цәырҵит. Азҿлымҳара ду иҟалаз атуристцәа раара иадҳәалан. Ишдыру еиԥш,  атуризм – ҳреспублика аекономика ахырхарҭа хадақәа ируакуп.  

Ҳгәы иаанагоит, ари аусхк аҟны иаҳҭаараны иҟоу атуристцәа ирԥырхагамхартә иҟалап ҳәа. Абри аганахьала адгылара ҳауп ҳәа ҳгәыӷуеит.
  
Урыстәылатәи Федерациа Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ С. Назаров агәра диргеит ари азҵаара аӡбара шалшо ала.

Анаҩс, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган илҳәеит 2020-2022 шш. Аԥсны Асоциалтә-економикатә ҿиара аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара шымҩаԥысуа атәы.  

Урыстәылатәи аделегациа Аԥсны иҟазаауеит ҩымш.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org