15.04.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа апрокуратура аусбарҭақәа рветеранцәеи русзуцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура аусбарҭақәа русзуцәеи аветеранцәеи!
Апрокуратура аусбарҭақәа русзуцәеи аветеранцәеи ирыдысныҳәалоит рыпрофессионалтә ныҳәа - Апрокуротура аусзуҩ имш, Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокуротура Хада аҧҵоижьҭеи 27 ш. ахыҵра арыцхә.
Апрофессионализм, апринципра, амаҵзуратә уалҧшьа гәык-ҧсык ала азнеира, аусбарҭақәа русзуцәа рхықәкы хадақәа ируакуп, азакәан ацклаԥшра ахылаԥшра азура.
Азинтә ҳәынҭқарраҿы апрокуротура инанагӡо ароль дууп, азакәан, азинлеишәа, атәылауаа рконституциатә зинқәа рыхьчараҿы.
Сгәы иаанагоит Апрокуротура Хада, иара убас арегионалтә ҟәшақәа русура аҽшарӷәӷәо ацәгьоурақәа раарԥшраҿы, аиҿкааратә цәгьоурақәеи акоррупциеи ирҿагыланы ақәԥараҟны. Шәара шәус адырреи насгьы ацәгьоура анымшәареи акырӡа рыҵаркуеит Аԥсны атәылауаа рҭынчра аиқәырхараҿы.
Абри амш ныҳәазы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, шәмаҵзураҿы аихьӡарақәа.
--