12.04.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Оҭари Иона-иԥа Аршба «Ахьӡ-Апша» аорденом II аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҟны илагаламҭа ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьазааит АРШБА Оҭари Иона-иԥа».