06.04.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҟны арегионалбжьаратәи акультуратәи еимадарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслов.
Адныҳәаларатә ааҵҳамҭаҿы иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!
Шәымшира инамаданы гәык-ԥсык ала иҟасҵо адныҳәалара шәыдышәкылар сҭахуп.
Ишәзеиӷьасшьоит акыр шықәса агәабзиара, анасыԥ, арҿиаратә еихьӡарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭынчреи аизҳазыӷьареи рыхьӡала!"