Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит Михаил Мишустин

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин.

Адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рыхьӡала, хаҭала сара  сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.  

Иазгәасҭарц сҭахуп, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реиҩызареи рыстратегиатә усеицзуреи, реидгылареи рырӷәӷәараҟны Шәара хаҭала шәлагала акыр ишыӷәӷәоу. Ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, акультура-гәыҳалалратә хырхарҭақәа рыҿиара иазку аиқәшаҳаҭра ала аусура мҩаԥысуеит.

Агәра згоит  иазԥхьагәаҭаны иҳамоу ҳусеицзура аԥхьаҟагьы аизырҳареи, арегионалбжьаратә еимадарақәеи аустә еиҿцаарақәеи рырҭбаареи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ишрықәшәо.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа  Шәара шәнапы злаку аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҟны".


Возврат к списку