24.03.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҟәа иҟоу аофис даҭааит.
АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, аконгресс Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа, аҳәса рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынба, анагӡком алахәҩы Ҭемыр Рекәаа, аинформациатә ҟәша анапхгаҩы Амина Лазба, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Нури Кәарҷиа аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә комитети уи арегионтәии аҭыԥантәии аҟәшақәа русура атәы.
Ахада ахә ҳаракны ишьеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура.
Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит АААК анапхгареи Анагӡком алахәцәеи аԥсуа, абаза бызшәақәа, рлитература, рмилаҭтә культура рыҿиара иазку апроектқәа рынагӡаразы, иара убас асоциалтә программақәа рынагӡаразы.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Екзақь Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы, иазгәеиҭеит Аконгресс аԥхьаҟагьы аԥсуа жәлари абаза жәлари реизҳазыӷьара иазку аусура активла амҩаԥгара ишазхиоу.