12.02.2021
Аҳəынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа “Ахьӡ-Аҧша” аорден аҩбатəи аҩаӡара ианеишьеит еицырдыруа аҟарачы-черқьес ҵарауаҩ-ашəҟəыҩҩы, милаҭла иашəыуоу Олег Еҭлухов Аҧсни Ҟарачы-Черқьесиеи ажəларқəа рыбжьара аиашьаратə еимадара арҕəҕəареи амилаҭтə литература арҿиареи аларҵəареи рус аҟны иҟаиҵаз илагаламҭазы.
“Сара зыхьӡ нагоу аҧсуаа – Владислав Григори-иҧа Арӡынба, Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь рнапаҟынтə аҳамҭақəа соухьан, сара сзы ҳаҭыр дууп Шəара шəнапаҟынтə абас еиҧш аҵак ду змоу аҳамҭа аиура, ҳаҭыр зқəу Аслан Гьаргь-иҧа, иҭабуп сџьабаа хəыҷы ахə ҳаракны иахьышəшьаз”, - иҳəеит Еҭлухов.
Аҳəынҭқарра Ахада аҵарауаҩ агəабзиареи арҿиаратə еихьӡарақəеи изеиҕьеишьеит. “Ҳарҭ жəларык ҳауп, милаҭк ҳауп. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳаимадара арҕəҕəара”, - иҳəеит иара.
Иреиҳаӡоу аҳəынҭқарратə ҳамҭа анашьара аусмҩаҧгатə иалахəын Ашəарҭадара амаҵзура ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Сергеи Шамба, Аҧсуа-абаза жəлар адунеизегьтəи рконгресс азҵаарақəа рзы Ахада иабжьгаҩ Беслан Кобахьиа.