10.02.2021
Аҧсны Аҳәынҭқкарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ адипломатиатә усзуҩ имш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу, Алеқсеи Аркади-иԥа!
Шәареи, Аԥсны аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи зегьы шәыпрофессионалтә ныҳәа - адипломатиатә усзуҩ имш.шәыдысныҳәалоит.
Урыстәылатәи адипломатцәа аамҭақәа зегьы раан ҳтәыла аинтересқәа рыхьчара азнеишьаҟны иаадырҧшуаз апрофессионалтә ҩаӡара ҳаракы ҿырҧшыганы иҟан.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахә ҳаракны иршьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҳаиҩызаратә еимадара арӷәӷәара иазырхоу Урыстәылатәи Афедерациа адипломатиатә хаҭарнакра аусзура,
Гәык-ԥсыкала, Шәара, ҳаҭыр зқәу Алеқсеи Аркади- иԥа, шәколлегацәа ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, аизҳазыӷьара, шәдипломатиатә усзураҿы аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа» .