06.01.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар, аиашахаҵара ныҟәызго Аԥсны ақьырсианцәа Қьырса ныҳәа рыдиныҳәалеит:
«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Кьырс ныҳәа!
Аԥсҭазаара ҿыц аира, арҿыцра иасимволу ари аныҳәа ҳажәлар рзы акрызҵазкуа ныҳәоуп.
Ус иаԥуп ажәытәаахыс, ари аҽны ҳаидныҳәалоит, ҳаиҭанеиааиуеит, аныҳәа еишәақәа ҳархиоит.
Рыцҳарас иҟалаз, адунеи зегьы зымҽхазкыз апандемиа ҳзышьцылоу аԥсҭазаара ԥсахрақәак аланагалеит. Убри аҟнытә аныҳәа мшқәа раан асанитартә нормақәа иҳадырҵоит маҷк аҽынкылара, ауаа рацәа злахәу аиԥыларақәа рыҽрыламырхәра. Аҳәара ҟасҵоит абри иахьагьы ишәхашәмыршҭырц азы.
Анцәа изку ҳныҳәарақәа, ҳажәақәа рыла Анцәа ду ҳиҳәоит ҳ-Аԥсынтәыла, ҳажәлар илыԥха риҭарц.
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлаар, Қьырса ныҳәа лаша азгәазҭо зегьы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара».