Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада УА Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит

14.12.2020

Ахада УА Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәараан Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит.

Ирылацәажәеит агәабзиарахьчара аусхк аҟны аԥсны-урыстәылатәи аусеицура азҵаарақәа. Ҷыдала, Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аԥсны атәылауаа короновирустә ҿкы иаҿагыланы ақәԥареи короновирус аҟнытә авакцина лаҵеи рзы ацхыраара аҟаҵара азҵаара.

Ари аԥхьа Аԥсны Урыстәыла ашҟа аҳәара ҟанаҵахьан авакцина ахәҭазы. Уи агрипп чымазара авакцинеиԥш, ихәыда-ԥсадахоит, хатәгәаԥхаралахоит.

Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ковид-19 иаҿагыланы ақәԥараҟны ареспублика иарҭо ацхырааразы.

Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны ҩынтә иаҭаахьеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Урысхархәарахылаԥшреи рделегациа. Ишьақәыргылоуп ӷәӷәала ичмазаҩу ауаа Урыстәыла амедусҳәарҭақәа рахь ргара асистема Гәдоуҭа аковидтә центр аҟны рҽеиҭныԥсахло хымчыбжьа ҳәа иаауеит 3-ҩык инадыркны 8-ҩык рҟынӡа аҳақьымцәа афедералтә медицинатә центрқәа рҟынтә, Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рахьтә амедицинатә усуҩцәа, иара убас ареспубликатә баклабораториаҟны аусуразы Ставропольтәи амырзаҿагыларатә институт аепидемиологцәеи авирусологцәеи.

Урыстәылатәи аколлегацәа рыцхыраарала ишьақәыргылан ПЦР амыруга, гәыҳалалра ҳасабла иааган 50 нызқь диагностикатә тест система. Имҩаԥысуеит ачымазцәа рчымазара ашьақәыргылареи рыхәышәтәреи рзы аԥсуа ҳақьымцәа рзы аиҿкаара-методикатә цхыраара.

Иазгәаҭан ҩ-ҳәынҭқаррак агәабзиарахьчара аусхк аҟны егьырҭ ахырхарҭақәа рыла русеицура иҳараку аҩаӡара.
Ҿырԥшыга бзианы иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра иқәынхо УА атәылауаа рыԥгаԥсара аиҿкааразы, ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсара асистемаҟны, Урыстәыла амедусҳәарҭақәа ацхыраара рыҭаразы Аиқәшаҳаҭра анагӡараҟны аусеицуразы. ИАԤ асистемаҟны ԥгаԥсара рызуп АА аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо 50 нызқьҩык УА атәылауаа. Аиқәшаҳаҭра анагӡара шықәсыки бжаки рыҩныҵҟала иҷыдоу амедицинатә цхыраара рыҭоуп 4000 –ҩык атәылауаа. Иара убас қәҿиарала имҩаԥысуеит АА-еи УА-еи рыбжьара хазы игоу акатегориақәа ирыҵаркуа УА атәылауаа ахәшәқәеи амедицинатә ҭыжьымҭақәеи рыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра.

Аиқәшаҳаҭра абиуџьет иартәоит 50 млн. мааҭ есышықәса. Аинвалидцәа ррегистр аҟны ашәҟәы иҭагалоуп 8500-ҩык УА атәылауаа.
Аиԥылараан ирылацәажәан ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәо акардиологиатә центр Аԥсны аргыларазы аԥсуа ган иазнархиаз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект. Ари апроект анагӡара иалнаршоит агәы-адатә чымазара змоу иҷыдоу, зтехнологиа ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара. Иара убас 2021-2022 шш.. аинвестпрограмма инақәыршәаны иазырхиоуп амедицинатә-техникатә дҵа ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргыларазы, уи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ақәыршаҳаҭуп.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org