14.12.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны УА Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козак диԥылеит.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан аԥсны-урыстәылатәи аусеицуразы азҵаарақәа жәпакы, ҷыдала, афымцамч азҵаара, аҳәынҭқарратә ҳәааҟны иҟоу аҭагылазаашьа, 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа апроектқәа рынагӡара шымҩаԥысуа атәы.
А.Бжьаниеи Д.Козаки аԥхьаҟатәи аусеицура зҿлымҳара шарҭо атәы рҳәеит.