12.12.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Афедерациа Аконституциа амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Ишәыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш. 1993 шықәса абҵарамза 12 рзы ирыдыркылаз Азакәан Хада, урыстәылатәи аҳәынҭқарра адемократиатә ҿиара иагарантны иҟалеит, милаҭрацәала еилоу ажәлар ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азы иҵаҵӷәы бзиахеит.
Агәра згоит 2020 шықәса ԥхынгәымза 1 азы имҩаԥысыз жәларызегьы рыбжьаҭара иалҵшәаны, Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа иалагалаз аиҭакрақәа аҭагылазаашьа бзиа шаԥнаҵо Урыстәылатәи Афедерациа асоциалтә-економикатә ҿиара аусхк аҟны.
Шәара, иара убас Урыстәыла иқәынхо зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аихьӡарақәа, аизҳазыӷьара».