12.12.2020
-Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны дырҧылеит Москва Аиҳабыра рминистр, Москва ақалақь Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент рнапхгаҩы Сергеи Чериомини Аџьынџьуаа Москватәи рыҩны адиректор Пиотр Гладкови.
Аиҧылараҟны ирзааҭгылан 2020 шықәса абҵарамза 12 рзы Шәача имҩаҧгаз Аҧсни Урыстәылеи аҳәынҭқаррақәа рхадацәа реиҧылараҿы иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа рыҿиара инақәыршәаны еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Москвеи Аҧсни русеицура азҵаарақәа.
Ҷыдала, иазааҭгылан Москва қәҿиарала анагӡара змоу "Ишәарҭадам ақалақь" апрограмма аҧышәа ахархәара алыршара.
Иазгәаҭоу апроект ауаажәларратә транспорттә система аиӷьтәра иазку комплекстә информациатә системоуп.
Иара убас иалацәажәан аҧсуа ҵараиуратә система аҭагылазаашьаҟны ахархәаразы аҵараиуратә программа "Москватәи аҵараиура" аҧсуа специалистцәа иҭырҵаартә еиҧш алшара аҟаҵаразы.
Аиҧылараҟны излацәажәаз азҵаарақәа ируакын Аҧсны инхо урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змоу зегьы иахәҭоу адокәментқәа рыла реиқәыршәара зырманшәало Аҧсны афункциарацәа змоу аҟәша аартраҟны Москва аиҳабыра рганахьала ацхыраара аҟаҵара.
Аҩ-ганкгьы алацәажәеит 2021 ш. ааҧынразы Москва Амшқәа Аҧсны рымҩаҧгара алыршара иазкыз азҵаарақәа, иазгәарҭеит еицырзеиҧшу хаҳара злоу апроектқәа рынагӡара зҿлымҳара шарҭогьы.