02.12.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыратәи ацентртә раионтә хәышәтәырҭа даҭааит. Уи дицын Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Аҳәынҭқарра Ахада амедусҳәарҭа аусуразы иҟоу аҭагылазаашьа ибеит. Очамчыратәи Ацентртә раионтә хәышәтәырҭа апалатақәа ковид зыхьуа ачымазцәа рзы 27 ҭыԥ рыла еиқәыршәоуп.
Иахьазы ахәышәтәырҭаҟны ахәышәтәра иахысуеит 24-ҩыуаак ачымазцәа, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа бжьаратәла ихьанҭоуп. ́
Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Қьышьмариа лажәақәа рыла, иӷәӷәоу ачымазцәа Гәдоуҭаҟа ковид-центр ахь идәықәырҵоит.
Ахада зҽлымҳара аҭаны дазҵааит ахәышәтәырҭаҟны иаҭаху ахәшәқәа, аныхтә материалқәа ыҟоу иҟаму, аԥхьа инаргыланы – ачымазцәа хәыда-ԥсада рыхәшәтәра шалыршахо.
Амедусҳәарҭа анапхгаҩы иазгәалҭеит ахәышәтәра хәыда-ԥсада ишымҩаԥысуа, ахәышәтәырҭаҟны иҟам ахәшәқәа разымхара аныҟоу ада, усҟан ачымазцәа рхала аахәара шрықәшәо. Илҳәеит иара убас араионтә хәышәтәырҭеи ақыҭантәи афельдшерцәеи шеимадоу, араион аҟны аҭагылазаашьа ишахылаԥшуа. Аус руеит ацхыраара ласы амашьынақәа хԥа, абылтәы азымхара шыҟам. Аҳақьым хада лажәақәа рыла, араион администрациа ахәышәтәырҭа иаҭаху ацхыраара анаҭоит.
Иара убас Ахада даҭааит ковид-ҿкы злоу ачымазцәа рпалата, хықәкыла ачымазцәа драцәажәеит. Аслан Бжьаниа агәра диргеит атәыла анапхгара урҭ рыхәышәтәразы ирылшо зегьы шыҟарҵо, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара.
Ахәышәтәырҭа аҭаара ашьҭахь Ахада ажурналистцәа аинтервиу рыҭо, иҳәеит:
«Сара коронавирустә ҿкы иаҿагыланы ақәԥаразы аҭагылазаашьа ҷыдала хылаԥшра асҭоит. Очамчыра араион аҟны сыҟаны, ковид зыхьыз ҳауаажәлар рҽахьырхәышәтәуа ахәышәтәырҭаҟны сымнеир ауазма.
Ара аусура цәгьамкәа еиҿкаауп. Ачымазцәа сахьрацәажәаз иҟоу аҭагылазаашьазы ргәы шынаӡо атәы сарҳәеит , атәыла анапхгара ахәышәтәра хәыда-ԥсада имҩаԥыслароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, уи азы афинанстәзоужьра маҷымкәа ишаҭахугьы. Уи ҳара ӷәӷәала хылаԥшра аҳҭалоит. Избан акәзар ҳтәылауаа ргәабзиара хылаԥшра аҭара аиҳа еиҳау уснагӡатә ыҟаӡам аҳәынҭқарраҟны, сусураҟны ари азҵаара аԥхьа исыргылоит», - иҳәеит Ахада.