30.11.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа злахәыз аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа, аҭыԥантәи абиуџьет анагӡара шымҩаԥысуа, иара убас аепидемиологиатә ҭагылазаашьа.
Абиуџьет анагӡара шымҩаԥысуа, короновирустә ҿкы иаҿагыланы ақәԥаразы ауснагӡатәқәа, ақыҭанхамҩа, асоциалтә усхк аҭагылазаашьа уҳәа рзы адырра ҟарҵеит Аҟәа ақ. администрациа ахада Беслан Ешба, Гал, Тҟәарчал, Очамчыра, Гәылрыԥшь, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рхадацәа Ԥлиа Константин, Исидор Дочиа, Виачеслав Амыҷба, Аслан Бараҭелиа, Алхас Ҷыҭанаа, Баграт Боџьгәуа, Иури Хагәышь, иара убас ақалақьқәа Афон ҿыци Пицундеи рхадацәа Ҭемыр Оҭырба, Алхас Шамба.
Ахада арегионқәа рхадацәа ирыдиҵеит напхгара зырҭо ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны аусхкқәа зегьы рҿы иҟоу аҭагылазаашьа хәҭа-хәҭала аҭҵаара.
«Хымԥада, регионцыԥхьаӡа ҭҵааны ҭагылазаашьас иҟоу азы адыррақәа азырхиатәуп. Шәара ижәдыруазароуп хархәара змоу ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рзы, ахандеира зылшо ауааԥсыра рхыԥхьаӡаразы, шаҟаҩы усурҭа ҭыԥла еиқәыршәоу, уҳәа убас егьырҭ ацифрақәа зегьы, ари акраҵанакуеит»,- иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит абизнес маҷи ибжьаратәу абизнеси ацхыраара шрыҭатәу. «Ҳара зхала зҭаацәа ныҟәызго, аусурҭа ҭыԥқәа аԥызҵо адгылара раҳҭароуп». Иара убас Ахада иҳәеит аҭыԥантәи анапхгаҩцәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи русеицура аиӷьтәра шаҭаху.
Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирылеиҳәеит атәылаҟны аепидимиологиатә ҭагылазаашьа шеиӷьхаз, аиԥыларақәа ишрыцҵахо атәы.
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рԥылара иалахәын иара убас Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, уи ихаҭыԥуааа Саида Быҭәба, Џьансыхә Нанба, Зураб Қаџьаиа, АШӘА ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба.