Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ишьақәырӷәӷәоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рзакәанԥҵарақәа реинырнаалара шьаҭас иаҭаны АА-еи УА-еи рыбжьара азеиԥш социалтәи економикатәи еиужьра ашьақәыргылара апрограмма

23.11.2020

   2020 шықәса абҵарамза 12 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рхадацәа А. Г. Бжьаниеи В. В. Путини реиԥылара алҵшәақәа рыла, ишьақәырӷәӷәоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рзакәанԥҵарақәа реинырнаалара шьаҭас иаҭаны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социалтәи економикатәи еиужьра ашьақәыргылара апрограмма.

Адокумент Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу 2014 шықәса абҵарамза 24 аҟнытә Аиқәшаҳаҭра иахылҵуеит.
Апрограмма ахықәкқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа аԥшьгарала мамзаргьы ацхыраарала инагӡахо аинтеграциатә процессқәа харҭәаанагӡаны fлахәхаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара иазкуп.

Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара ҿҳәарақәас иазыԥҵәоуп 2-3 шықәса. Абри аамҭа иалагӡаны иазԥхьагәаҭоуп азакәанԥҵара аинырнаалара аусхкқәа жәпакы рыҟны - аекономикеи афинансқәеи (абиуџьеттәи ашәахтәтәи политика, адәныҟаекономикатәи абанктәи усура, аинвестициақәа рыхьчара), аҳазалхратә зин, афымцамч, асоциалтә усхк (амедицина, аҵараиура, асоциалтә хьчара), убри алагьы Аԥсны аҳәынҭқарратәра арӷәӷәара, уи атәылауаа рыбзазаратә ҭагылазаашьеи рсоциалтә хьчара аҩаӡареи ашьҭыхра.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org