25.11.2020
Гәалсра дула срыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет Никәала Кәыҵниа иҭынхацәа.
Никәала Тарас-иҧа иҧсҭазаара иалҵра - цәыӡ дууп аҧсуа литературеи, амилаҭтә культуреи рзы.
Иара икалам иҵыҵыз ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа ирымоуп даҽакы иаламҩашьо рҟазшьа ҷыда, лымкаала иаадырҧшуеит ҳбызшәа аҧшӡареи абеиареи. Баҩхатәра ҳаракыла аҧсышәала ирцәажәеит адунеитә литература аҧҵамҭақәа.
Никәала Кәыҵниа дыруаӡәкуп зырҿиамҭақәа рыла аҧсуа литература аҩаӡара акыр ишьҭызхыз ҳмилаҭтә шәҟәыҩҩцәа. Уи иуаҩреи, иаамысҭашәареи, илаф ҵари акыраамҭа ргәалашәараҿы иаанхоит аҧсуа жәлар.
Аслан Бжьаниа,
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада