11.11.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Никарагуа Ареспублика Ахада Даниель Ортега Сааведра 75 шықәса ихыҵра арыцхә идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә.
Шәара шәырдыруеит аԥышәа змоу аполитик, амилаҭтә интересқәа рыхьчареи жәларбжьаратәи аренаҟны Никарагуа апозициа арӷәӷәареи рус аҟны Шәыԥсадгьыл аҟнеиԥш уи анҭыҵгьы зылшамҭақәа рыхә ҳаракны иршьо, хамеигӡарак злам аҳәынҭқарратә усузуҩы иаҳасабала .
Ахә ашьара уадаҩуп ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә усеицуреи аидгыларатә еизыҟазаашьақәеи рырҿиараҟны хаҭала Шәара шәлагаламҭа. Агәра згоит ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа ирыбзоураны аԥхьаҟагьы аԥсны-никарагуатәи аимадарақәа реихаҳара шалҳаршо.
Даниель Ортега Сааведра Шәаҳаракыра, аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа аԥхьаҟагьы аҳәынҭқарратә усураҟны.