Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Аҩада Уаҧстәыла Ахада Виачеслав Битаров Ареспублика Амш идиныҳәалеит

11.10.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҩада Уаҧстәыла – Аланиа Ахада Вичеслав Битаров  Ареспубликеи Владикавказ ақалақьи рымш идиныҳәалеит.  

Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:  

"Ҳаҭыр зқәу Вичеслав Зелимхан-иҧа,

Шәара аҧхьа шәнаргыланы, аиашьара ҳзызуа Аҩада Уаҧстәыла ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалоит Ареспубликеи Владикавказ ақалақьи рымш. Аҩада Уаҧстәыла – Аланиа Ареспублика ибеиоу ажәытәи аҿатәи культурақәа реинырнааларала Аҩадатәи Кавказ арегион аҟны иналукааша аҭыҧ ҧшӡақәа иреиуоуп.

Иахьа ареспублика ццакны аҿиара иаҿуп, аихьӡарақәагьы маҷымкәа иамоуп ааглыхраҿы, ақыҭанхамҩаҟны, афымцамчи аекономика аегьырҭ аҟәшақәеи рыҟны.
  
Аҧсуа жәлари ауаҧсааи шәышықәсалатәи аишьаратә еизыҟазаашьақәа еидыркылоит. Ҳара иаҳхашҭӡом Аҩада Уаҧстәылантәи хатәгәаҧхарала иааны иҳадгылаз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан.  

Виачеслав Зелимхан-иҧа, Шәаргьы Аҩада Уаҧстәыла ажәлар зегьи гәык-ҧсыкала ирзеиҕьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыҕьара!”


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org