Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны официалла Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра инамаданы ахҳәаа ҟаиҵеит:
“ Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны аартра ҳтәыла адәныҟаполитикатә ҧсҭазаараҟны акрызҵазкуа хҭысны иҟоуп.
Аҧсны жәлар рыхьӡала даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Шьамтәыла Ахада, ихацкы Башар Аль-Асад Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара иазкны идикылаз аҭоурыхтә ҵакы змоу азыӡба азы.
Сгәы иаанагоит хара имгакәа хаҭала ҳаибадырып, ҳтәылақәа рыбжьара наҟ-ааҟ феида злоу аҧхьаҟатәи аусеицуразы алшарақәа ҳрылацәажәап ҳәа”.