30.09.2020
Никарагуа Ареспублика Ахада Даниель Ортега Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Акыр иаҧсоу Ахада,
Никарагуа Ареспублика ажәлари Аинаалареи Амилаҭтә акреи Реиҳабыреи рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә Шәара аҧхьа шәнаргыланы Аҧсны жәлар зегьы гәахәарыла ирыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш.
Цәыббрамза 30 – фырхаҵара згым аҧсуа жәлар ахақәиҭразы ақәҧараҟны аиааира аныргаз амш, Шәара шәтәылазы ҭоурыхтә хҭысуп.
Абарҭ ахҭысқәа рышҭахь 27 рнаҩс, гәык-ҧсыкала Аҧсны – Аҧсы атәыла иазеиҕьаҳшьоит Аҭынчра, Аизҳазыҕьара, Аихьӡарақәа».