03.08.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иадминистрациа Аппарат Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩыс иарҭаз Сергеи Шамба дыдирдырит.
Ҧхынгәымза 28 рзы Ахада инапы аҵаиҩит Сергеи Шамба Ашәарҭадара Ахеилак амаӡныҟәгаҩыс иаҭаразы Аусҧҟа.
«Сергеи Мирон-иҧа зегьы дырдыруеит. Еицырдыруа ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуҩуп. Сергеи Шамба ихьӡ ҳҳәынҭқарра иахьатәи аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп»,- иҳәеит А.Бжьаниа.
Ахада Сергеи Шамба аҭакҧхықәра зцу амаҵура ҿыц аҟны аихьӡарақәа изеиҕьеишьеит.
Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ииҭаз агәрагаразы. «Исылшо зегьы ҟасҵоит. Аусура ҳалагоит!»,- иҳәеит С.Шамба.
Аслан Бжьаниа ҧаса ари амаҵураҟны иҟаз Беслан Кәыҵниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит имариамыз аамҭаазы имҩаҧигаз аусуразы.