Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Атәылахьчара аминистрра даҭааит

23.07.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Атәылахьчара аминистрра даҭааит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрра даҭааит.

Атәылахьчара аусбарҭа аилазаара анапхгара злахәыз аусуратә еиҧылараан Аслан Бжьаниа АА АМ Рыштаб хада аиҳабы, аофицерцәа, Атәылахьчара аминистрра аусбарҭақәа реиҳабацәа ражәахәқәа дырзыӡырҩит, ибеит АА Арбџьар мчқәа рхархәара азҧхьагәаҭара иазку адокументқәа.

Аиҧылараҟны иара убас ишьҭыхын атәылахьчаратә усбарҭаҟны аусура азҧхьагәаҭара, Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа аус рыцура уҳәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа.  

Иара убас Аслан Бжьаниа АА АМ  даҭааит АА Арбџьар мчқәа Рмузеи, АА АМ Рыштаб хада Акоменданттә рота, аҟәатәи арратә ҵараиурҭа, Атәылахьчара аминистрра Арҵаратә центр, ибеит хыхь зыӡбахә ҳәоу  аиҵаҟәшақәа рматериалтә-техникатә еибыҭашьа, аруаа рыбзазашьа, рыфатә еиҿкаашьа.  

Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа атәылахьчара аусбарҭа иаҭаара хықәкыс иамоу азы ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

  «Аҳәынҭқарра Ахада Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада инапынҵақәа наигӡоит. Ҳәарада, Адҵаҟаҵаҩ хада ар рыҟны иҟоу аҭагылазаашьа идыруазароуп. Убри аҟнытә атәылахьчаратә усбарҭаҟны сааны, хаҭала Арбџьар мчқәа рҭагылазаашьа збароуп ҳәа исыҧхьаӡеит. Ара ауадаҩрақәа шыҟоу еиҧш, аихьӡарақәагьы ыҟоуп. Афакторқәа зегьы ҳасаб рзаҳуеит. Сара Арбџьар мчқәа ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра алзыршо хадара злоу институп ҳәа исыҧхьаӡоит. Убри аҟнытә арбџьар мчқәа ҷыдала зҿлымҳара рыҭатәуп. Аринахысгьы аусбарҭа аиҵаҟәшақәа лассы-лассы сырҭаалоит, апроблематика аҭҵааразы, ҳсолдаҭцәа,  ҳофицерцәа, ҳаинралцәа  рмҵурахысра аиҕьтәразы»,- иҳәеит Аслан Бжьаниа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org