Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Бганба Омар Гал араион Администрациа ахада ин.н. имаҵураҟнытә ихы иақәиҭтәразы Аусҧҟа.
«Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә-дгьылҵакыратә акрақәа рыҟны напхгараҭаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны» Ахада инапы аҵаиҩит Ҧлиа Константин Едуард-иҧа Гал араион Администрациа ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иаҭаразы Аусҧҟа.