12.07.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ашҟа аиҭабжьыҭира далахәын.
Аҳәынҭқарра Ахада итәылауаҩратә уал наигӡеит иара дахьҭаҩу, иқыҭа гәакьа Тамшь.
Кындыҕтәи алхратә округу №31 аҟны Аҧсны жәлар Реизара – Апарламент ашҟа аиҭабжьыҭира азгәаҭан адепутат Аслана Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра ахадас даналхха ашьҭахь.
Абжьыҭира анаҩс аҳәынҭқарра Ахада ақыҭауаа драцәажәеит.