Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа р-Командаҟаҵаҩ хада аҧышәарҭа «Ҵабал» аҟны имҩаҧысуаз арратә хысрақәа дырҭааит

10.07.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа р-Командаҟаҵаҩ хада аҧышәарҭа «Ҵабал» аҟны имҩаҧысуаз арратә хысрақәа дырҭааит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа р-Командаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа  аҧышәарҭа «Ҵабал» аҟны Аҧсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзуцәеи Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә базеи Аҧсны Аҷыдалкаатә ҭагылаазашаьақәа рзы аминистрреи Аҧсны Ашәарҭадара амаҵзуреи алархәны еицымҩаҧыргоз азыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә хысрақәа дрыхәаҧшуан.  

Аҧснытәи урыстәылатәи аруаа мҽхакы ҭбаала разыҟаҵарақәа мҩаҧысуан ахысырҭақәа "Нагвалоуи" "Ҵабали".  Активла аҧышәарақәа еиҿкаан, амотошьаҟартә хәҭақәа аҳаирхьчаратә архәҭақәа, аҧшыхәцәа, артиллериа алархәны ахыхьчаратәи ажәыларатәи зыҟаҵарақәа ахьымҩаҧыргаз Амшын еиқәа аҧшаҳәаҟны. Иааизакны аҧышәарақәа ирылахәын х-нызқь инареиҳаны аруааи  х-нызқь инареиҳаны арратә техникеи ракака.
  
Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа р-Командаҟаҵаҩ хада арратә хысрақәа рымҩаҧысшьа ибзиоуп ҳәа ахиҳәааит. "Зегьы реиҿкаашьа бзиан.  Архәҭақәа русеицура мҩаҧган. Избаз агәахәара снаҭеит. Атәыла анапхгара аринахысгьы ас еиҧш иҟоу Ҳарбџьар мчқәа рылшарақәа рырҕәҕәара иазку аусмҩаҧгатәқәа адгылара рнаҭалоит», - ҳәа реиҳәеит Аслан Бжьаниа азыҟаҵарақәа анхыркәшаха ашьҭахь ажурналистцәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org