06.07.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Барцыц Анри Лев-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрс иаҭаразы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Барцыц Анри Лев-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрс иаҭаразы.
Барцыц Анри Лев-иҧа
Диит 1990 ш. абҵарамза 6 рзы Аҧснытәи АССР Гәдоуҭа ақ.;
2007 ш. екстернла далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №6;
2007 - 2012 шш. О.Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи азиндырратә университет далгеит «Аиуриспруденциа» азанааҭ ала;
2012 - 2015 шш. Москватәи азиндырратә университет аконституциатәи амуниципалтәи зин акафедра аспирантура дҭан;
2017 ш. рашәарамза 28 рзы ихҵоуп аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ;
2013 - 2014 шш. УА Аҵареи аҭҵаарадырреи аттестациеи аҭҵаарадырра-педагогикатә усуҩцәа р-Департамент азинтә ҟәша маҵураныҟәара змаз аиурисконсульт;
2014 ш. иахьа уажәраанӡа Москватәи азиндырратә университет аконституциатәи амуниципалтәи зин акафедра арҵаҩыс, арҵаҩы еиҳабыс аус иуеит;
2017 – 2019 ш. Москватәи азиндырратә университет аконституциатәи амуниципалтәи зин акафедра аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан;
2018 ш инаркны еиуеиҧшым агрантә проектқәа дрылахәуп;
20 инареиҳаны ҭҵаардырратә статиа авторс дрымоуп. Абакалаври амагистратуреи рзы арҵагатә цхыраагӡа ацавторс дыҟоуп.
Дҭаацәароуп. Ҩыџьа ахшара имоуп