Ахада Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистрра имҩаҧнагоз аҧышәарақәа дырҭааит

Ахада Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистрра имҩаҧнагоз аҧышәарақәа дырҭааит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Аслан Бжьаниа Аиқәырхаратә усбарҭа аҧҵара 14 шықәса ахыҵра инақәыршәаны, Аҧсны Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистрра аиҵаҟәшақәа Очамчыра имҩаҧыргаз аҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.

Амцарцәаратә, ашьха-еиқәырхаратә, акинологиатә, апиротехникатә маҵзура, зшәага-зага маҷу аҕбақәа рзы аинспекциа уҳәа, АҬА аминистрра егьырҭ архәҭақәа иаадырҧшит аиқәырхаратә операциақәа рымҩаҧгаразы ирымоу азыҟаҵара. Хархәара аҭан атехника ҷыда, аиқәырхаратә авиациагьы надкыланы.

Аҳәынҭқарра ахада далахәын Аиқәырхаратә усбарҭа аҧҵара 14 шықәса ахыҵра инамаданы Очамчыра ақ. Акультура ахан аҟны имҩаҧысыз аныҳәатә еилатәара.

Аҧсны Ахада ихьӡала аиқәырхаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара ирызкыз адныҳәалара даҧхьеит Ахада Иадминистрации Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа.


Возврат к списку