25.06.2020
Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь Москва Ашҭа ҟаҧшь аҟны имҩаҧысит Аиааира ду иазкыз Апарад.
Аиааира 75 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Москваҟа иааит Урыстәыла Ахада иганахьала ааҧхьара змаз аҳәынҭқаррақәа рхадацәа.
Урҭ рыҩныҵҟа дыҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжбаниа.