19.06.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Габлиа Инал Соломон-иҧа Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрс иаҭаразы.
…
Габлиа Инал Соломон-иҧа диит 1991 шықәса ҧхынгәымза 7 рзы Аҧснытәи АССР Очамчара араион Тамшь ақыҭан.
2008ш. далгеит Москватәи абжьаратәи ашкол № 1259;
2008 – 2013 шш. – аҵара иҵон Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» «адәныҟаекономикатә усура аҳәаақәҵара» азанааҭ ала;
2010 – 2011 шш. Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» аҧышәахысҩы-аҭҵааҩы;
2012 – 2014 шш. – Аҵараиуратә центрқәа рфедералтә каҭақәа «Иуниум» «Алидеррра атехнологиақәа» ркурс ала азыҟаҵаҩ;
2013 – 2015 шш. – аспециалист, АЕ «УрысГидро Интернешинл АГ», афилиал Москва ақ. аҟны,
аинвестициа-техникатә хәшьаразы иналукааша аспециалист;
2016 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа – Москва ақ. ЗҲӘА «Аргыларатә Еилахәыра Мегаполис» анџьныр-аекономист;
2018 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа аҧсуа бызшәазы онлаин-школ «Алашарбага» адиректор.
Дҭаацәараӡам.