08.06.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аиашахаҵаратә ныха Ахеилак ахаҭарнакцәа дырҧылеит.
Аиҧылараҟны ирылацәажәеит атәылаҟны аныхатә ҧсҭазаара аҿиара, аныхаҩныҵҟатәи аизаҟазаашьақәа рҭышәныртәалара, аҳәынҭқарреи аныхеи реимадара азҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит атәылауаҩи аҳәынҭқарреи рышьақәгылараҟны аныха инанагӡо ароль, уи иамоу аҵакы.
Аслан Бжьаниа иҳәеит ари афактор иусураҟны ҳасаб азура игәы ишҭоу, ҧымкрада анцәа дхазҵо ауаа рзинқәа дышрықәныҟәало.
«Ари аҵак ду амоуп, адоуҳа ыҟамкәа, ахаҭара хаҭәааны аҿиара залшаӡом»,- иҳәеит Ахада.
Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит ақьырсиантә уаажәларра рыҩныҵҟа адоуҳаи ацәаҩаиашәеи реиқәырхара иамоу аҵакы.
Аҧсны Аиашахаҵаратә Ныха Ахада Бассариан Аҧлиаа иҭабуп иҳәеит Ахада иацәажәара, иахьа Аҧсны аныха аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа реицзхәыцразы, рылацәажәаразы алшара ахьаҧҵаз азы.
Аҧсны Аиашахаҵаратә Ныха Бассариан Аҧлиаа Аҧсны Ахада ҳамҭас ииҭеит Ацқьа Цҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи иныхачаҧа иақәҩны; Москватәии Урыстәыла Зегьтәии Апатриарх Кирилл хьыӡҳәалатәи имзар, иара убас иуникалтәу ахьықәҵатә џьар.