Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа дырҧылеит

02.06.2020

Ахада  Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа дырҧылеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа дырҧылеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа дырҧылеит.

Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҟны даннеи ашьҭахь Ахада иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә усбарҭа ахаҭарнакцәеи иареи раҧхьатәи реиҧылара.  «Зегьы шәбара сеигәырҕьоит. Ҩышықәса инареиҳаны аус ахьызуз аколлектив аҟны аус шәыцура сара сзы хәарҭара аманы имҩаҧысит. Сара есқьынгьы Апарламент аус ацура сазхиоуп. Апарламент ҳҳәынҭқарра акрызҵазкуа институтны иҟоуп. Аҧсны Жәлар Реизара аҳәынҭқарразы аҵак  ду змоу аусура мҩаҧнагоит, убри аҟнытә азҵаарақәа зегьы рзы  гәацҧыҳәарала аусеицура ҳабжьалап ҳәа сгәы иаанагоит», - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Ахада адепутатцәа ирымоу азҵаарақәа рыҟаҵара дшазхиоу раҳәаны, иаартны аустә еицәажәара рыдигалеит.  

Адепутатцәа рганахьала зҿлымҳара аман 2017-2019 шш. Аҧсны Асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа аусмҩаҧгатәқәа рынагӡареи 2020-2022 шш. апрограммеи; афымцамчтә усхк аҟны ареформақәа, атуриндустриа аҿиара, Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза аартразы алшарақәа; ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рыхынҳәра; ақыҭанхамҩатә усхк аҿиареи аҧеиҧши; АА атәылауаа рзы УА атәылауаҩра аиуразы алшарақәа; аихамҩатә инфраструктура аҿиареи егьырҭ иактуалтәу апроблемақәеи ирыдҳәалаз азҵаарақәа.

  Апарламент адепутат Дмитри Гәынба атуристтә аамҭа аартра иазкыз изҵаара аҭак ҟаҵо, Ахада иҳәеит ааигәа УА Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Рашид Нургалиеви иареи ҭелла аицәажәара шрыбжьаз. Уи иажәақәа рыла, УА Ахада Владимир Путин Ашәарҭадара Ахеилак адҵа аиҭеит Урыстәыла иаду аҳәынҭқаррақәеи иареи рыбжьара аҳәаақәа раартразы алшарақәа рыҭҵаара. Ахада иаҵшьны иҳәеит ари азҵаараҟны акыр шаҵанакуа урыстәылатәи аган инақәыршәаны ҳҳынҭқарра аусқәа рымҩаҧгара.  

Адепутатцәа хымҧада изызхьаҧштәу, иӡбатәу аҵак ду змоу, ихадароу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада раҧхьа игылоу уснагӡатәны иҧхьаӡоит азинхьчаратә усбарҭақәа адгылара рыҭара. Иахьа, иара игәаанагарала, ацәгьоура ашәарҭаратә ҟазшьа аанахәеит.  Ахада адепутатцәа ааҧхьара риҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа ацхыраара рыҭаразы.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org