Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын

20.05.2020

Ахада Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны Аҟәа ақалақь амшын аҧшаҳәаҟны амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Агәалашәара амш иазкыз аусмҩаҧгатә иара убас иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрации Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аиҳабыра алахәцәа, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

AV-3.jpg
AV-4.jpg

AV.jpg




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org