Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа "Аҟәа ақалақь администрациа Ахада ин.н. имаҵураҟнытә ихы иақәиҭтәразы" Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә-дгьылҵакыратә акрақәа напхгарарыҭаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Аҟәа ақ. Администрациа ахада инапынҵақәа рыҟнытә ихы дақәиҭтәзааит Кәарҷиа Кан Валери-иҧа».