Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахадеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа

20.02.2015

Жәабран 20, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа –анаплакыҩцәа, абизнесуаа.

Аиҧылара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Аекономика аминистр Николаи Ачба, Жәлар Реизара адепутат Заур Амқәаб, Ахада иабжьагаҩ Амиран Лагәлаа, аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа Беслан Агрба , Едгар Гзазаа , Беслан Шьакаиа, Владимир Бигәаа, Гарри Делба, Анзор Џьугелиа.

«Агәра згар сҭахуп ҳара ҳаицәажәара ҳҳәынҭқарразы хәарҭара змоу аизыҟахаашьақәа шьақәнаргылап. Шәара хаҭала шәдыррақәеи шәҧышәеи Урыстәыла адагьы Аҧсны аекономика аҿиара апроцесс аҿы хархәара роур алшоит, еидгыларала атәыла аҿы аҭагылазаашьа аҧсахра алшап ҳәа»,- иҳәеит Ахада аиҧылара иалахәыз данырҧылоз.Уи иҳәеит иара иҟаиҵаз анапынҵала Аҧсны аекономика аҿиара аконцепциа азырхиаразы аусура шхацырку. Ари аус Урыстәыла инхо аҧсуа бизнесуаа рҽалархәра аҵакы ду шамоу.

Аиҧылараан ирылацәажәан Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара аҳазалхратә ҧынгылақәа раҧыхра, ҳтәыла аекономика иреалтәу асектор ацхыраара аҭаразы Урыстәыла иаҧҵоу Аинвестициатә усбарҭа ахархәагақәа ирыдҳәалоу аекономика аҿиаразы иҟоу алшара ҿыцқәа. Аиҧылара иалахәыз иазгәарҭеит аинвесторцәа рыҩныҵҟа Аҧсны аҳаҭыр ашьҭыхра аҵакы ду.

Аиҧылара иалахәыз адиаспореи Аҧсны Ахадареи русеицуразы иаииҧмырҟьаӡакәа аус зуа аформат аҧҵаразы аидеиа иадгылеит.

Адиаспора ахаҭарнакцәа ирҳәеит Аҧсны аекономика аҿиара аплан азырхиара аҽалархәра ишазхиоу.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org