Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Мушьни Лашәриа иҧылара иазку

18.02.2015

Хәажәкыра 18, 2015ш., Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иеицырдыруа аҧсуа поет, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик Мушьни Лашәриа диҧылеит.

Рауль Ҳаџьымба уи дидныҳәалеит А.Дельвиг ихьӡ зху есышықәсатәи урыстәылатәи азеиҧшмилаҭтәи премиа «Ажәеи Аҧсадгьыли рымаҵ аура» апремиа ианашьо.

Ахадеи Мушьни Лашәриеи ирылацәажәеит иахьатәи ауаажәларраҿы иуҧыло иактуалтәу апроблемақәа, атәылаҿы иҟоу аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа, Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа аҿиара атәы. «Ҳажәлар Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара аҵакы иеилыркаауеит, ҳаҭыр ақәырҵоит, аха ҳаргьы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп ҳхатәы економика аҧҵаразы»,- иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Ахада рыхә ҳаракны ишьеит Мушьни Лашәриа аҧсуа литература аҿиараҿы илшамҭақәеи Урыстәылеи Аҧсни ркультуратә еимадарақәа рырҕәҕәареи рыҿиареи рзы илагалақәеи.

Мушьни Лашәриа Ахада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы. «Ишыжәдыруеиҧш, исанаршьаз апремиа акраҵанакуеит сара сзы адагьы аҧсуа литература зегьы азгьы. Исанашьоу аҳамҭа – сара сырҿиара азхаҵара аасҭагьы, аҧсуа шәҟыҩҩцәа адунеитә литературазы иҟарҵахьоу алагала ахә ашьароуп ҵакыс иамоу»,- иҳәеит иара.

Аиҧылара иара убас далахәын акультуразы Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org