Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ азы ацҳамҭа

13.02.2015

Жәабран 13, 2015, Ахада Иусбарҭа. Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит ашәахтә система аиҭакреи аиҕьтәреи ирызкыз аилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Даур Аршба, Афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Ахра Арысҭаа, Афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Гәулиа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Ушанги Кәыҵниа, Ахада иабжьагаҩ Амиран Лагәлаа, Гьаргь Агрба – абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Апарламент адепутат Беслан Ҵнариа.

Аилатәара алагамҭазы Ахада Жәлар Реизара Аиҳабы иҟны 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет адкылара апроцесс атәы дазҵааит. « Ҳара ҳбиуџьет злахаҳарҭәааша алшарақәа ҳаҧшаароуп», - иҳәеит Рауль Ҳадџьымба.

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба иазгәеиҭеит ашәахтә закәанҧҵара аҧсахраан аекономика аҿиара ишацхраауа, ахәқәа рыҩаӡара ишаныруа хылаҧшры азутәуп ҳәа.

Ахада иабжьагаҩ Амиран Лагәлаа аилацәажәара иалахәыз ирылеиҳәеит Ахада идҵала иаҧҵоу аусуратә гәыҧ ашәахтә закәанҧҵара аиҕьтәразы ажәалагалақәа разырхиара ишаҿу. «Ара иазгәаҭатәуп иацҵоу ахәҧсазы ашәахтә адагьы иааидкыланы ашәахтә закәанҧҵара аиҕьтәра шаҭаху», - иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хәажәкыра 5 рҟынӡа Аҧсны ашәахтә закәанҧҵара аиҕьтәразы ажәалагалақәа рпакет азырхиаразы. «Ҳтәылаҿы аҧара ыҟоуп, урҭ аекономика ашәшьыра иҵакуп, ҳара ари аҭагылазаашьа шьаҭанкыла иҳаҧсахроуп », - иажәа хиркәшеит аҳәынҭқарра ахада.   


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org