Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара.

13.03.2015

Хәажәкыра 13, 2015шықәса, Аҟәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Аппба, Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Аекономика аминистр Николаи Ачба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа, Ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Оҭырба, Акультура аминистр Ельвира Арсалиаҧҳа, Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура ахантәаҩы Рауф Цымцба, Ахада Иусбарҭа Аекономика аусбарҭа аиҳабы Адгәыр Арӡынба, ақалақьқәеи араионқәеи русбарҭақәа рхадацәа, апрофильтә усбарҭақәеи аилазаарақәеи рхаҭарнакцәа.

Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада.

Уи аилацәажәара иалахәыз ирылеиҳәеит акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аҧҵара иазку Аусҧҟа инапы шаҵаиҩыз аекономика аминистрра аиҭашьақәыргыларалеи Аҧсны Аминистрцәа реилазаара аҧсахрақәа ралагалареи рыла. «Аминистрра ҿыц аныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит аекономика аминистрра аныҟәгаразы 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы Азакәан аҿы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла. Сара аекономика аминистр идысҵоит абыржәы иаҧҵахаз аминистырразы аштаттә акрақәа реихшанҵара амҩаҧгара»,- иажәа иациҵеит Рауль Ҳаџьымба. Иара убри Аусҧҟала Авҭандил Гарҵкьиа Аҧсны акурортқәеи атуризми рзы аминистрс дҟаҵоуп. Ахада иҳәеит Аҧсны зыҿҳәаракьаҿуи зыҿҳәарадуи атуризм аҿиара акомплекстә программа аҧҵара шаҭаху атәы ауснагӡатәқәеи аусмҩаҧгатәқәеи уахь иналаҵаны.

Ахада Иусбарҭа Аекономика аусбарҭа аиҳабы Адгәыр Арӡынба иажәахә аҟны иазгәеиҭеит атуризм амилаҭтә економика зегьы аҧсы аҭаҵара зылшо, иеишьашәалоу аҟәшақәа атранспорт, аимадара, ааглыхра, ақыҭанхамҩа, аенергетика рыҿиара ацхыраара аҭара зылшо акы акәны ишыҟоу. «Атуризм ҧыжәара шамоугьы, уи аганахьала аҳәынҭқарратә программа ҳамаӡам», - иҳәеит иара. «Хара имгакәа, аџьырмыкьеи аекономика атуристтә сектор анаплакқәа зегьы русура иахылаҧшуа атуризм аҿиареи аҳәаақәҵареи рзы аҳәынҭқарратә политика ашьақәыргылара напы арктәуп», -инаҵшьны иазгәеиҭеит Адгәыр Арӡынба.

Аилацәажәараҿы ишьҭыхан ашәарҭадара алыршареи, атранспорттә инфраструктуреи, атуристцәа информациала реиқәыршәареи, Аҧсны иқәынхои уи асасцәеи амедицинатә маҵзура рыдгалареи ирызку азҵаарақәа. Акультура аминистр Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит Амузеи атуристтә ныҟәарақәа рыпрограмма ишалаҵатәу, иара убас ирҭиуа асувениртә аалыҵқәа рхаҭабзиара хылаҧшра шаҭатәу.

Ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Оҭырба иааиуа акурорттә сезон азы фатәыла аиқәыршәара азхиара иазкыз Ахада изҵаара аҭак ҟаҵо, иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рыла ахәаахәҭра- аахәаратә базақәа раҧҵара шаҭаху атәы. Ари аалыҵқәа аазрыхуеи ахархәаҩцәа-наплакқәа, асасааирҭақәа, аҧсшьарҭа ҩнқәа уҳәа реимадара, русеицура акырӡа иармарион ҳәа аҭак ҟаиҵеит.

Риҵатәи Амилаҭтә парк аиҳабы Рита Лолуа аилацәажәара иалахәыз иралҳәеит ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа мзазы аҳәырҧсарра 6 нызқь инареиҳаны ауаа шаҭааз, 1,8 млн. мааҭ рыхә абилеҭ шыҭииз.

«Афинанстә леишәа иақәнагоу аҩаӡараҿы инагоуп. Риҵатәи аҳәырҧсарра аҧҵазар аахыс жәабрани хәажәкыреи амзақәа рзы аҧара мааиӡацызт ахаан», - лҳәеит лара. Иара убас илҳәеит апарк иаҵанакуа аҭыҧқәа ррыцқьара, амҩаҿы адыргақәа рыргылара, ацҳақәа реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусқәа шымҩаҧысуа.

Ахада атуризм аҿиара иазкыз аилацәажәара аихшьалақәа рыла аминистррақәеи аусбарҭақәеи иааиуа акурорттә сезон аҽазыҟаҵаразы адҵақәа риҭеит. Аилацәажәараҿы Ахада иқәиргылаз уснагӡатә хаданы иҟан Аҧсны 2016-2025 шш. атуризм аҿиара апрограмма азырхиара. Раули Ҳаџьымба иазгәеиҭеит атуристтә маҵзурақәа рхаҭабзиара ашьҭыхра аҵакы ду. Иарбоу ауснагӡатәқәа рынагӡара хылаҧшра рыҭара аҳәынҭқарра Ахада инапы ианиҵеит Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ АсҭамырАппба


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org