Ажәабжь ҿыцқәа

Аҟәатәи Иҷыдоу аказактә ҟәша арегионалтә штабқәа рхаҭарнакцәа рҧылара 18.08.2015
Аҟәатәи Иҷыдоу аказактә ҟәша арегионалтә штабқәа рхаҭарнакцәа рҧылара

Аҟәа, 16.00

Рауль Ҳаџьымба Аҟәатәи иҷыдоу аказактә ҟәша арегионтә штабқәа рказакцәа дырҧылеит.

ЖӘЫНДӘРЫҦШЬ АҚЫҬАУАА РҦЫЛАРА  18.08.2015
ЖӘЫНДӘРЫҦШЬ АҚЫҬАУАА РҦЫЛАРА

Аҟәа, 12.30

Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа араион Жәындәрыҧшь ақыҭауаа дырҧылеит.

Ақыҭа аусбарҭа анапхгаҩы Виктор Гәымба Ахада иҟынӡа инеигеит ақыҭауаа зынио ауадаҩрақәа ртәы. «Ҳқыҭаҟны зегь реиҳа иуадаҩраны иҳамоу аӡымҩангареи афымцамчи роуп», -ҳәа азгәеиҭеит иара.

АШЬАПЫЛАМПЫЛАСРАЗЫ АФЕДЕРАЦИА АХАҬАРНАКЦӘА РҦЫЛАРА  18.08.2015
АШЬАПЫЛАМПЫЛАСРАЗЫ АФЕДЕРАЦИА АХАҬАРНАКЦӘА РҦЫЛАРА

Аҟәа, 11.00

Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аусуратә еиҧылара Аҧсны ашьапылампыласразы Афедерациа ахаҭарнакцәа – Афедерациа Ахада Џьамал Гәбази араионтә шьапылампыласратә клубқәа рнапхгаҩцәеи алархәны.

Руслан Гвашев  «Ахьӡ-аҧша” Аорден III аҩаӡара ианашьоуп 17.08.2015
Руслан Гвашев «Ахьӡ-аҧша” Аорден III аҩаӡара ианашьоуп

Абри азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсуа жәлари ачерқьес жәлари реимадара арҕәҕәараҟны илшамҭақәа рзы аҭоурыхҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы Руслан Идрис-иҧа Гвашев ианашьоуп «Ахьӡ-аҧша” Аорден III аҩаӡара.

Алеқсеи Аџьынџьал Амиграциатә маҵзура аиҳабыс даҭоуп 17.08.2015
Алеқсеи Аџьынџьал Амиграциатә маҵзура аиҳабыс даҭоуп

Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Алеқсеи Жьыгәа-иҧа Аџьынџьал Амиграциатә маҵзура аиҳабыс иаҭаразы Аусҧҟа.

2016 шықәсазтәи абиуџьет ашьақәыргылара иазку аусуратә еилацәажәара 17.08.2015
2016 шықәсазтәи абиуџьет ашьақәыргылара иазку аусуратә еилацәажәара

Аҟәа, 15.00

Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит 2016 шықәсазтәи абиуџьет ашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызку аусуратә еилацәажәара.

Зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз аибашьратә ҳамҭақәа ранашьаразы Аусҧҟақәа 15.08.2015
Зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз аибашьратә ҳамҭақәа ранашьаразы Аусҧҟақәа

Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит 1992-1993 шш. рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз аибашьратә ҳамҭақәа рыҭаразы Аусҧҟақәа.

Рауль Ҳаџьымба  Зхатәгәаҧхарала  иеибашьуаз Рымш иазку аусмҩаҧгатәқәа дрылахуп 15.08.2015
Рауль Ҳаџьымба Зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Рымш иазку аусмҩаҧгатәқәа дрылахуп

Ахада Рауль Ҳаџьымба Зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Рымш иазку аусмҩаҧгатәқәа дрылахуп.

Зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Рымш 15.08.2015
Зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Рымш

Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!

Акыр иаҳзаҧсоу ҳашьцәа - зхатәгәаҧхарала Аҧсны ахақәиҭразы игылаз!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Рымш!

Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны хатәгәаҧхарала иеибашьуаз – аветеранцәа рҧылара 14.08.2015
Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны хатәгәаҧхарала иеибашьуаз – аветеранцәа рҧылара

Рауль Ҳаџьымба хатәгәаҧхарала иеибашьуаз Рымш иазкыз аусмҩаҧгатәқәа рхы аладырхәырц азы иааз Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа – хатәгәаҧхарала иеибашьуаз дырҧылеит.

Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭа 23 шықәса ахыҵра инамаданы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз Ааҧхьара 14.08.2015
Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭа 23 шықәса ахыҵра инамаданы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз Ааҧхьара

Акыр иаҧсоу ҳџьынџьуаа!

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа!

Нанҳәамза 14 рзы ҳара иазгәаҳҭоит 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагамҭаны.

Фидель Кастро Имшира идныҳәалара 13.08.2015
Фидель Кастро Имшира идныҳәалара

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Фидель Кастро Имшира идиныҳәалеит.

Абиуџьеттә зыҧхьагәаҭареи, ашәахтәқәҵареи,  Аҧсны араионқәа рыҟны иҟоу аҭагылазааашьеи рызҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара  11.08.2015
Абиуџьеттә зыҧхьагәаҭареи, ашәахтәқәҵареи, Аҧсны араионқәа рыҟны иҟоу аҭагылазааашьеи рызҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара

Аҟәа, 11.00

Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит абиуџьеттә зыҧхьагәаҭареи, ашәахтәқәҵареи, Аҧсны араионқәа рыҟны иҟоу аҭагылазааашьеи рызҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара.

 “Урыстәыла аганахьала – гәаартыла”. 10.08.2015
“Урыстәыла аганахьала – гәаартыла”.

“Урыстәыла аганахьала – гәаартыла”.

Рауль Ҳаџьымба агазеҭ “Аиаҵәа ҟаҧшь” иаиҭаз аинтервиу

2008 шықәсазы Урыстәыла аоперациа мҩаҧнагар акәхеит Қырҭтәыла мчыла аҭынчра азаагаразы. Урыстәыла ар қәҿиарала имҩаҧыргаз аоперациа ашьҭахь Алада Уаҧстәылеи Аҧсни рлахьынҵа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Ҳтәылеи уи ари амшын иаҿықәу ихьыҧшым аҳәынҭқарра алахьынҵаҟны рольс инанагӡои атәы далацәжәоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Алада Уаҧстәыла аганахьала Қырҭтәыла 2008 шықәса нанҳәа мзазы аибашьратә агрессиа алагамҭа ашықәсхыҵра инамаданы Леонид Тибилов ихьӡала Ацҳамҭа 08.08.2015
Алада Уаҧстәыла аганахьала Қырҭтәыла 2008 шықәса нанҳәа мзазы аибашьратә агрессиа алагамҭа ашықәсхыҵра инамаданы Леонид Тибилов ихьӡала Ацҳамҭа

Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Леонид Тибилов ихьӡала Алада Уаҧстәыла аганахьала Қырҭтәыла 2008 шықәса нанҳәа мзазы излагаз аибашьратә агрессиа быжьшықәса ахыҵра инамаданы Ацҳамҭа дәықәиҵеит.

Ацҳамҭаҟны иҳәоуп:

07.08.2015
Рауль Ҳаџьымба Апарламент ахь ашьақәырҕәҕәаразы инаишьҭит ҩ-еиқәшаҳаҭрак

Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәлар Реизарахь ашьақәырҕәҕәаразы идәықәиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ашьауҕатә усқәа рзы аицхырааразы Аиқәшаҳаҭреи ахақәиҭра рымхра зықәҵоу ахаҿқәа рахьырхәра рхыргарц азы риагара иазку Аиқәшаҳаҭреи.

Роман Џьопуа  Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабыс даҭоуп 05.08.2015
Роман Џьопуа Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабыс даҭоуп

Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Роман Владимир-иҧа Џьопуа Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабыс иаҭаразы Аусҧҟа

Рауль Ҳаџьымба Иақәыҧ Лакоба Имшира идиныҳәалеит 02.08.2015
Рауль Ҳаџьымба Иақәыҧ Лакоба Имшира идиныҳәалеит
Рауль Ҳаџьымба Иақәыҧ Лакоба Имшира идиныҳәалеит.

Аинформациатә маҵзура “Интерфакс” азы иҟаҵаз ахҳәаақәа 31.07.2015
Аинформациатә маҵзура “Интерфакс” азы иҟаҵаз ахҳәаақәа

Аҧсны урыстәылатәи аилахәыра "Роснефть" аганахьала дареи ҳареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрақәа ирықәныҟәоит, иҳәеит ахәашазы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

29.07.2015
Ҭаҭарсҭан Ареспублика ашҟа авизит аихшьалақәа рыла анапынҵақәа

Ҭаҭарсҭан Ареспубликаҟны усуратә визитла иҟазаараҟнытә ихынҳәреи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Рустам Минниханов иҧылареи рышьҭахь Рауль Ҳаџьымба анапынҵақәа ҟаиҵеит Ҭаҭарсҭан аус ацуразы ажәалагалақәа разырхиаразы.


Новости 2701 - 2720 из 2913
Начало | Пред. | 134 135 136 137 138 | След. | Конец Все