24.04.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа».
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«1. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министрс даҭазааит Анқәаб Алеқсандр Золотинск-иҧа.
2. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр азакәанла ишьақәыргылоу аҧҟара инақәыршәаны ажәалагалақәа ҟаиҵааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа ашьақәгылашьеи хаҭалатәи аилазаареи рзы».