Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниеи Валери Бганбеи реиҧылара

23.04.2020

Аслан Бжьаниеи Валери Бганбеи реиҧылара

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәыла Аҧыза-министр Валери Бганба дидикылеит.

Аиҧылараан ирылацәажәеит ҳазҭагылоу аамҭазы Аҧсны Аҳәынҭқарра анагӡаратә мчхара, Аиҳабыра аусура иазку азҵаарақәа.

Абри адагьы, аҳәынҭқарра ахадеи Аҧыза-министри реицәажәараан Ахада дрылацәажәеит ареспубликаҟны иҟоу асанитартә-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа, атәылаҟны коронавирустә ҿкы алаҵәара алмыршареи уи аанкылареи ирызкны аҳәынҭқарра аганахьала имҩаҧгоу ауснагӡатәқәа.

Аиҿцәажәара ахыркәшамҭазы Ахада Аиҳабыра анапхгаҩы иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аминистрцәа реилазаара аусуразы, ахада иалхрақәа рымҩаҧгаразы Аконституциа инақәыршәаны еиҿкааз аусуразы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org