Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

ПМ Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра ахада иқәгылара атекст

23.04.2020

Ҳаҭыр зқәу Ахада! Ҳаҭыр зқәу аилатәара иалахәу зегьы!

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахадеи Аиҳабыреи рыхьӡала,   хаҭала саргьы, Аслан Гьаргь-иҧа, ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы шәнеира!

Жәаҳәарада, Шәара Аҧсадгьыл аинтересқәа рымаҵ аураҟны, шәџьабаа, иаашәырҧшуа аполитикатә гәаҕьра, иаанышәкыло апозициа ацәхьамҵра ахәшьара ҳараки аҳаҭырқәҵара дуи шәрыҧсаны шәҟарҵеит.

Приднестровие ҳаҭыр ду ақәырҵоит ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа. Сара агәра згоит арҭ аизыҟазаашьақәа ҧеиҧш ду шрымоу.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа,  ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәнапы злашәкуа аусқәа рыҟны, иазгәашәҭаз апроектқәа рыҟны ақәҿиарақәа!  Шәколлегацәеи ишәыдгылоу ауааи ишәырҭо зыгәрагоу адгылара Аҧсны аизҳазыҕьара иазку аҧхьаҟатәи шәусураҟны амч-алшара шәнаҭааит!
Азин сышәҭозар, ПМ Ареспублика Ахада Вадим Николаи-иҧа Красносельски иҟнытә адныҳәаларатә шәҟәы саҧхьоит.  

***                                                                                                                      

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!  

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ажәлар рыхьӡала, хаҭала саргьы, Аслан Гьаргь-иҧа, ҳаҭыр ду шәықәҵо, ишәыдысныҳәаларц сҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадас шәалхра!

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, акыр шықәса раахыс Шәара Аҧсны жәлар рыхьӡала хамеигӡарада аусура шәаҿуп. Аҳәынҭқарратә усураҟны ҭакҧхықәра дула шәҳәынҭқарраҿы аиҭакра ҿыцқәа рзы имҩаҧыжәгоз аусура, иаанышәкылоз амаҵураҟны иаашәырҧшыз аусдырреи рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара, уи атәылауаа рҭагылазаашьа аиҕьтәра аус аҟны шәлагаламҭа дуӡӡоуп.

Алхрақәа раан Шәара ишәоуз адгылара атәылауаа рыгәрагара арҕәҕәоит, Аҧсны жәларгьы еиднакылоит иҿыцу аизҳазыҕьаратә ҵакы змоу акәша-мыкәша.
Ари аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны, ҳаҭырқәҵарала сшышәзыҟоу азгәаҭаны, ишәзеиҕьасшьиот аҳәынҭқарратә маҵзура ҳаракы аҟны ақәҿиарақәа, агәабзиара, анасыҧ, шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа!



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org