Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Ахада имаҵурақәа рынагӡарахь инеира иазку аилатәараҟны иқәгылара

23.04.2020

Абзиара шәымаз, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, асасцәа!  

Акыр иаҧсоу аҩызцәа!

Алхратә кампаниа амҩаҧысшьа, уи ахыркәшара агәыҕра ҳарҭоит ҳтәылаҟны иҿыцу аполитикатә культура ашьаҭа шакыз азы. Абри инамаданы, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ахадарахьы акандидатцәа. Урҭ дареи ҳареи ҳусеицура сақәгәыҕуеит аполитикатә екстремизми аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу егьырҭ ашәараҭарақәеи рҿагылараҟны, Аҧсны жәлар реиқәырхареи иҭышәынтәаланы рыҿиареи ахьалыршахо аҳәынҭқарратә институтқәа реиҭакреи рырҕәҕәареи рганахьала.  Абри ауп ҳара ҳхықәкы хада!  

Абри ахықәкы рхы ақәырҵеит иреиҕьу Аҧсны аҵеицәеи аҭыҧҳацәеи. Абри амиссиа иазкын Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи русура. Иазгәаҭоу ахықәкы анагӡара иазкхо ҳаҧхьаҟа ишьҭоу аусура ауаажәларраҟны аҳәоуеиқәшәара алнаршоит ҳәа сгәы иаанагоит.
Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, сара ихадароу зҵаараны сахәаҧшуеит ауаажәларра аҳәынҭқарра амчхарахь ирымаз агәарагара аиҭашьақәыргылара. Абри алыршахоит ламысцқьала, иаартны аусурала.  

Анагӡаратә мчхара асистемахь аусуразы ааҧхьара зыҭахо ирдыруазар ахәҭоуп, аминистр имаҵура,  аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы имаҵура – ари азин ҷыда аиура акәӡам иаанаго, ари атәыла ауааҧсыра рҿаҧхьа аҭакҧхықәра ҳаракы зцу маҵуроуп.
  
Раҧхьа иргыланы, урҭ ауаажәларра иддырбароуп хымҧада азакәанреи азакәан аҿаҧхьа зегьы реиҟарареи рыпринципқәа рықәныҟәара!  
Ҳара еилаҳкаауеит аҳәынҭқарра анапхгарахь ҳнеира анымҩаҧысуа аамҭа ахьынӡауадаҩу.  Аамҭа мырӡкәа, аусура напы аҳаркыроуп. Дарбанзаалак напхгаҩык инапы иану анагӡара анилымша, мамзаргьы идҵоу ауснагӡатәқәа атәылауаа ринтересқәа ирҿаргыланы ихатә усқәа рыҟны ихы иаирхәо далагар, уи, рыцҳашьарак ҟамҵакәа, ҧасатәи илшамҭақәагьы гәамҭакәа, шаҭарак иҭахаӡом. Иусураҟны ацәгьоура аныҟала, уи анырҵабыргха, иахьырхәра хырҧашьа амамкәа инаӡахароуп.  
Алхратә кампаниа анымҩаҧысуаз сара изныкымкәа иаҵшьны исҳәахьан, атәылауаа иаразнак рыҧсҭазаашьа еиҕьаҳтәуеит ҳәа агәыҕра шраҳамҭо. Уаҵәы мышхәыбзазарахоит сҳәаӡом, уаҵәы аусура хацҳаркуеит, аџьабаа ду зцу, ихьанҭоу аусура. Уажәы хыҧхьаӡара рацәала иҟоу ашәарҭарақәа  рыхҟьа – ҧҟьақәа иахьынӡауа ҳәаак рҭагӡара, ралкаара иазаҳкроуп ҳамчқәа, еиҿкаау ацәгьоуреи уи иацу акоррупциеи убрахь иналаҵаны.  

Азинлеишәа, атәылауаа ршәарҭадара ашьақәыргылара ада аекономика арҿиареи аинвестициақәа радҧхьалареи залыршахаӡом.  
Алхрақәа раан иҳарҭаз агәрагара аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русураҟны алҵшәақәа реиҕьтәра иазку азҧхьагәаҭақәа рынагӡараҟны ҳхы иаҳархәароуп.  
Адгылара ҳазҭо, ҳастратегиатә партниор хада – Урыстәылатәи Афедерациа ганрацәалатәи аус ицура арҕәҕәареи арҿиареи   – Аҧсны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хаданы иҟан, ус иагьыҟалоит.  

Ҳусмҩаҧгатә аҧҟара иаҳнаҭом инарҭбааны аҳәынҭқарра аусураҟны аусхк хадақәа рҭагылазаашьа инарҭбааны алацәажәара. Убас шакәугьы, урҭ руак сазааҭгыланы шәазхьасырҧшыр сҭахуп.  

Адунеи зегьы иалаҵәаз коронавирустә ҿкы иаанарҧшит агәабзиарахьчара аусхк аҟны иҟоу ауадаҩра дуқәа. Иҕәҕәоу ибеиоу атәылақәагьы ас зымҽхак ҭбаахаз апроблема аҿагылара иазхиаӡамызт.  

Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп амедицинатә усзуҩцәа, егьырҭ аусбарҭақәа русзуҩцәа, анаплакҩцәа иҟалаз аҭагылазаашьаҿы ирласны иҳамоу алшарақәа реиҿкаара алыршаны, ауааҧсыра ианаамҭоу ацхыраара рыҭара ахьрылшаз азы. Аиҳабыра амчрақәа рҽеимаданы русура иалнаршеит абри апроблема амҩақәҵара, ари азы иҭабуп ҳәа расҳәоит.  

Ари сықәгылараҟны иалагӡаны аҳәынҭқарра аусура ахырхарҭақәа зегьы раарҧшра алшаӡом. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аҳәынҭқарра амчхара аусура алҵшәа амазарц, иаартны имҩаҧысларц азы.  

Сықәгылара хыркәшо, ахада иалхрақәа ирылахәыз алхҩцәа зегьы, неилымх ҟамҵакәа, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп.

Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Алхратә комиссиа хада, аокругтәи аҭыҧантәи комиссиақәа рылахәцәа, анаҧшҩцәа.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит абри азал аҟны иҟоу зегьы аныҳәатә усмҩаҧгатә шәхы ахьалышәырхәыз азы.

Иҭабуп шәахьысзыӡырҩыз!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org