Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада ин.н. Гагра араион адгьылҵакыраҟны акомендантә сааҭ алагаларазы Адҵа инапы аҵаиҩит

08.04.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Гагра араион адгьылҵакыраҟны акомендантә сааҭ алагаларазы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Адҵа атекст аҟны иҳәоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҷыдалкаатә ҭагылазаашьазы азинтә режим азы» Аҧсны аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан шьаҭас иаҭаны, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны короновирус ҿкы COVID-19 алаҵәара аҧырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны:

1. Иалагалазааит Гагра араион араион аҟны акоменданттә сааҭ 20 сааҭи 00 минуҭи инадыркны 07 сааҭи 00 минуҭи рҟынӡа.

2. Акоменданттә сааҭ аҩныҵҟа амҩақәа мамзаргьы егьырҭ ауаажәларратә ҭыҧқәа рыҟны аҟазаара, ма атәылауаа, амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа, агәабзиарахьчара аусҳәарҭақәа, амашәыртә-еиқәырхаратә, амцарцәаратәи акоммуналтәи маҵзурақәа рхаҭарнакцәа, абанктә инфраструктура аобиектқәа русура алзыршо ахаҿқәа, иара убас зыда ҧсыхәа ыҟам амедицинатә цхырааразы идҵаало аламҵакәа, рынхарҭақәа рынҭыҵ рыҟазаара иақәиҭтәымзааит.

3. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иалнаршааит акомендантә сааҭ нҵәаанӡа абри Адҵа еилазгаз ахаҿқәа раанкылара.

4. Абри Адҵа амч аиуеит официалла ианкьыҧхьха инаркны».

 




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org